Руaль Ҳыџьымбa Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ диҧылеит
Руaль Ҳыџьымбa Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ диҧылеит

Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто aхaдa Руaль Ҳыџьымбa Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ диҧылеит.  Абри атәы ааицҳаит импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Муҳаммад Кьылба.

Муҳаммад Кьылба иҳәамҭала, де-фaкто ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви ирыхцәажәеит Аԥсны  ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи уи наҟ-наҟ аҭышәныртәаларазы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәеи.

“Рауль Ҳаџьымбеи Рашид Нургалиеви ишьақәдыргылеит уажәтәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи ауаа реиҿагылара алмыршаразы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа рсиа”, – иҳәеит импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы.

Ажьырныҳәа 10 рзы импыҵaхaлоу Аҧсны  де-фaкто Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны “ахада иалхрақәа” реиҭамҩаԥгаразы аӡбара аднакылеит.  Де-фaкто Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа цәыббра 20 рзы имҩаԥысыз импыҵaхaлоу Аԥсны де-фaкто “ахада иалхрақәа” аҩбатәи ртур алҵшәақәеи аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбареи закәаным ҳәа иазханаҵеит.