Роман Гоцириӡе  - Апартиақәа зегьы  акциашҟа анеиразы рхала аӡбара рыдыркылоит, уи рыҩнуҵҟаполитикатә план иахьыҧшуп, аха, Саакашвили аполитбаандаҩы шиакәу, уи дшоужьтәу азы ҳаиқәшаҳаҭхеит, абри ауп ихадоу
Роман Гоцириӡе  - Апартиақәа зегьы  акциашҟа анеиразы рхала аӡбара рыдыркылоит, уи рыҩнуҵҟаполитикатә план иахьыҧшуп, аха, Саакашвили аполитбаандаҩы шиакәу, уи дшоужьтәу азы ҳаиқәшаҳаҭхеит, абри ауп ихадоу

«Уаҵәтәи акциа амҽхак духоит. Аоппозициатә партиақәа рыхәҭак акциа рхы аладырхәоит, егьырҭ акциашҟа инеиуам, аха, уи акәӡам аус злоу.  Ҳара ҳазынтәгьы ҳаиқәшаҳаҭхеит Саакашвиили аполитбаандаҩы шиакәу азы», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Роман Гоцириӡе.

Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара, зыҧшра ҟамҵакәа Михаил Саакашвили доурыжьҭроуп.

«Апартиақәа зегьы атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа Саакашвили доурыжьҭырц, ари ааҧхьара иақәшаҳаҭуп адоуҳаныҟәгацәеи еицырдыруа ауааҧсыреи.  Ари апроцесс нагӡахоит.  Жәларбжьаратәи ауаажәларра рҟынтә ақәыҕәҕәара иаҳа иҕәҕәахоит.  Михаил Саакашвили зыҧшра ҟамҵакәа доурыжьҭроуп. Уаҵәтәи акциа Саакашвили игәабзиареи иҧсҭазаареи аиқәырхареи, иара убас, Қырҭтәыла аполитикатә ҧеиҧш зхьыҧшу алхрақәа аҩбатәи атур азы аҽазыҟаҵареи ауп  изызку.  Апартиақәа зегьы  акциашҟа анеиразы рхала аӡбара рыдыркылоит, уи рыҩнуҵҟаполитикатә план иахьыҧшуп, аха, Саакашвили аполитбаандаҩы шиакәу, уи дшоужьтәу азы ҳаиқәшаҳаҭхеит, абри ауп ихадоу», — иҳәеит Роман Гоцириӡе.