Роитер – Москва Алексеи Навальныи идгыларатә акциахь 40 000-ҩык рҟынӡа инеит
Роитер – Москва Алексеи Навальныи идгыларатә акциахь 40 000-ҩык рҟынӡа инеит

Агентра «Роитер» аинформациа ала, Москва Алексеи Навальныи идгыларатә акциахь 40 000-ҩык рҟынӡа инеит. Агентра адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи шықәсқәа рзы абри еиԥш зымҽхак ҭбаау амитинг Мшсква мҩаԥырымгаӡацт.

Москватәи аполициа адыррақәа рыла, аҳҭнықалақь аҿы аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 14:40 рзы 4000 рҟынӡа еизан.

Урыстәылатәи аих ишаарыцҳаз ала, акциаан Москва ааныркылеит 395-ҩык. Урыстәыла имҩаԥгаз амитингқәа рҿы анкылоуп 1338-ҩык.