„Роитер“ - Евроеидгыла алхрақәа рышьҭахь Евроеидгыла изаамҭаным асаммит мҩаҧысуеит
„Роитер“ - Евроеидгыла алхрақәа рышьҭахь Евроеидгыла изаамҭаным асаммит мҩаҧысуеит

Евроеидгыла атәылақәа рлидерцәа Европарламент алхрақәа рышьҭахь изаамҭаным асаммит мҩаҧыргоит.

Агентра „Роитер“ иаланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, Евроеидгыла асаммит мҩаҧысуеит лаҵара  28 рзы, уаҟа  Жан Клод Иункер ицынхәрас Еврокомиссиа ахада иҭыҧ азы иқәдыргыло акандидат илацәажәоит.

асаммит иазкны аофициалтә аҳәамҭа макьана иҟарымҵацы.

Европарламент алхрақәа мҩаҧысуеит лаҵара  23-26 рзы. Ҿыц иалырхуа Европарламент актәи аилатәара мҩаҧысуеит ҧхынгәы 2 рзы.