Reuters -  Хәажәкыра  18 ма 19 рзы Шәамахьтәыла анапхгара  изаамҭаным апарламенттә алхрақәа  рымҩаҧгара иазкны  аарыцҳауеит
Reuters -  Хәажәкыра  18 ма 19 рзы Шәамахьтәыла анапхгара  изаамҭаным апарламенттә алхрақәа  рымҩаҧгара иазкны  аарыцҳауеит

Хәажәкыра  18 ма 19 рзы Шәамахьтәыла анапхгара  изаамҭаным апарламенттә алхрақәа  рымҩаҧгара иазкны  аарыцҳауеит.  Reuters ари аинформациа аланарҵәеит Шәамахьтәыла аиҳабыра рдыррақәа шьҭас иҟаҵаны.

Аҭыжьымҭа ишану ала,  ҵыҧх,  абҵара инаркны,  ашәамахь жәлар Шәамахьтәыла Аҧыза-министр Никол Ҧашиниан  иамхра иаҳәоит.

Шәамахьтәыла АИХ рдыррақәа рыла, атәыла аиҳабыра изаамҭаным алхрақәа анымҩаҧысуа арыцхә аарыцҳауеит.  Шәамахьтәыла Аҧыза-министр  аоппозициатә партиақәа рфракциақәа рҟны аиҧыларақәа мҩаҧигоит.