Reuters – НАТО аплан хада  ҿыц Амшын еиқәеи Балтиатәи амшыни рҟны Урыстәыла апотенциалтә жәылара аанкылара иазкуп
Reuters – НАТО аплан хада  ҿыц Амшын еиқәеи Балтиатәи амшыни рҟны Урыстәыла апотенциалтә жәылара аанкылара иазкуп

НАТО, Урыстәыла аган аҟынтә иҟоу ашәарҭара аанкылара иазку аплан хада шьақәнарҕәҕәоит. Ари атәы аанацҳаит агентра  Reuters.

НАТО аофициалтә хаҿқәеи адипломатцәеи ишаарыцҳаз ала, Аҩадаатлантикатә алианс атәылақәа ртәылахьчара аминистрцәа иахьа аплан хада рыдыркылоит, уи еиуеиҧшым афронтқәа рҿы Урыстәыла апотенциатә жәылара аанкылара иазкуп.

Reuters адыррала, уажәтәи аетап азы астратегиа маӡоуп, аха, ишдыру ала, уи аҽыхьчара арегионалтә план иеиҧшым,  Амшын еиқәеи Балтиатәи амшыни рҟны Урыстәыла аган аҟынтә аиадертә бџьар ахархәареи, акомпутертә аҳақәа ржәылареи, акосмос аҟынтә ажәылареи уҳәа, иҟалар зылшо ашәарҭарақәа рзы аҽазыҟаҵара иазкуп.