Reuters – Афганистан ахада атәыла дықәҵит
Reuters – Афганистан ахада атәыла дықәҵит

Афганистан ахада  Ашраф Гани атәыла дықәҵит. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Reuters.

Аинформациа ишану ала,  Ашраф Гани Кабул дықәҵны, Таџьикистанҟа диасит.

Иахьа аталибцәа атәыла аҳҭнықалақь иакәшеит. Афганистан аиҳабыреи агәыҧ алахәылацәеи ҭынч амчра аҭара иазкны аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргон.