Реџьеп Таип Ердоӷан Урыстәылеи Украинеи рхадацәа Ҭырқәҭәыла иааиԥхьеит
Реџьеп Таип Ердоӷан Урыстәылеи Украинеи рхадацәа Ҭырқәҭәыла иааиԥхьеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Урыстәылеи Украинеи рхадацәа апроблемақәа злоу азҵаарақәа рыхцәажәаразы Ҭырқәҭәыла иааиԥхьеит. Ари атәы ааицҳаит Ҭырқәтәыла ахада ипресспикер Ибраҳим Калин.

Ҭырқәтәыла ахада ихаҭарнак иажәақәа рыла, Анкарра Владимир Зеленскии Владимир Путини аилацәажәарақәа рплатформа рыдгаларазы ихиоуп.

Ибраҳим Калин ишааицҳаз ала, Ҭырқәтәыла ахада хара имгакуа Украина даҭаауеит. Авихит хықәкыс амоуп алҵшәа бааԥсқәа зхылҵуа иарбанзаалак арратә маневрқәа рыҿагылара.