Рaуль Ҳaџьымбa жәабран 22 рзы имҩаҧысран иҟоу алхрақәа рҿы  ахадаразы икандидатура ықәиргылаӡом
Рaуль Ҳaџьымбa жәабран 22 рзы имҩаҧысран иҟоу алхрақәа рҿы ахадаразы икандидатура ықәиргылаӡом

Рaуль Ҳaџьымбa жәабран 22 рзы имҩаҧысран иҟоу алхрақәа рҿы ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом. Ари атәы аанацҳаит Тасс.

Импыҵaхaлоу Аҧсны де-факто ахада ихаҭыԥуаҩ Аслан Барцыц иҳәамҭала, Аҧсны де-факто ахада ахадарахьы икандидатура уаҳа иқәиргылаӡом. Иара убас иҳәеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҟны ахашшааратә коллегиа иаӡбаз ахашшаара ахәҭаны ишимбо

“Рaуль Ҳaџьымбa аԥсыуак, политикк иаҳасабала илиршаз рацәоуп. Уи имариамыз аполитикатә мҩа данысит. Хәышықәса Аԥсны ахадас дыҟан. Шықәсык ала ҩба-хԥа политикатә митингк мҩаԥысуан ҳтәылаҿы. Иара иаан раԥхьаӡа акәны ҳбиџьет нагӡан, иаԥҵан Аконституциатә ӡбарҭа. Уи иусура ахәшьара аҭара макьана заауп”, – иҳәеит Барцыц.

Ажьырныҳәа 12 ахәылԥаз Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит импыҵaхaлоу Аҧсны де-факто ахада имаҵура шаанижьуазы арзаҳал, атәылаҿы ԥшьымш имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциақәа рышьҭахь.