Рати Брегаӡе - Саакашвили ахәышәтәырҭа ишьҭаҵара иҭаххар, уи апенитенциатә маҵзура иаҵанакуа 18-тәи ахәышәтәырҭахь дииаргоит
Рати Брегаӡе - Саакашвили ахәышәтәырҭа ишьҭаҵара иҭаххар, уи апенитенциатә маҵзура иаҵанакуа 18-тәи ахәышәтәырҭахь дииаргоит

Саакашвили ахәышәтәырҭа ишьҭаҵара иҭаххар, уи апенитенциатә маҵзура иаҵанакуа 18-тәи ахәышәтәырҭахь дииаргоит, – иҳәеит Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе.

Рати Брегаӡе ажурналистцәа ишраиҳәаз ала, аусҳәарҭазы абаандаҩцәа ршәарҭадара аҵак ду амоуп.

“Аӡбара аиндивидуалтә ҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны ҳадахкылоит, уажәы иҳамоу аҭагылазаашьа абри ауп – имлашьуа абаандаҩы игәабзиара азылаԥшра.  Ҳзыхцәажәоу ахәышәтәырҭаҿ ари рылшоит, аԥыза-министргьы абри азҵаара дазааҭгылеит. Абаандаҩы абахҭантә ахәашәҭәырҭахь ииагара аҵасқәа шьақәгылоуп.Саакашвили ахәышәтәырҭа ишьҭаҵара иҭаххар, уи апенитенциатә маҵзура иаҵанакуа 18-тәи ахәышәтәырҭахь дииаргоит. Атеориақәа раԥҵара шәаламган, сшәыҳәоит. Ашьаҿа цыԥхьаӡа азакәан инақәыршәаны ҟаҵоуп,” – иҳәеит Аиустициа аминистр.