Рати Брегаӡе  - Саакашвили аусбарҭа   №18 аҿы ҳусзуҩцәа  ахьымӡҕ диргеит, ари азҵаара аҭҵаара ҳаҿуп, иашьашәалоу азинтә ақәҿыҭра аҳҭоит
Рати Брегаӡе  - Саакашвили аусбарҭа   №18 аҿы ҳусзуҩцәа  ахьымӡҕ диргеит, ари азҵаара аҭҵаара ҳаҿуп, иашьашәалоу азинтә ақәҿыҭра аҳҭоит

Аиустициа аминистр ишиҳәаз ала, Михаил Саакашвили апенитенциартә усбарҭа №18 аусзуҩцәа ахьымӡҕ диргеит .

«Михаил Саакашвили аусбарҭа №18 даныҩнала, ҳусзуҩцәа ахьымӡҕ диргеит. Зыӡбахәы ҳәоу аусзуҩцәа уахгьы – ҽынгьы ҳтәыла ашәарҭадара рыхьчоит,  абаандаҩы цыҧхьаӡа изинқәа рыхьчоит, урҭ раҳаҭыр аларҟәра азин аӡәгьы  иаҳҭом», — иҳәеит Рати Брегаӡе.

Аиустициа аминистр ишиҳәаз ала, ари афакт ҭырҵаауеит Аинспекциа хадаҿы, анеҩс, иахәҭоу азинтә ақәҿыҭра арҭоит.

«Ҳәарада, ҳара иашьашәалоу азинтә аҭак ҟаҳҵоит. Ари азҵаара аҭҵаара ҳаҿуп. Даҽазнык еиҭасҳәоит, мызқәак рыҩнуҵҟала зҭаацәа зымбо, уахгьы-ҽынгьы аус зуа ҳусуҩцәа раҳаҭыр аларҟәра азин аӡәгьы иаҳҭом. Абри афакт аҭҵаара ҳаҿуп. Хара имгакәа ажәлар аинформациа наӡа раҳҭоит», — иҳәеит Рати Брегаӡе.