Рашәара 24 инаркны ԥхынгәы 1-нӡа Қырҭтәыла аҳауа аԥхарра 38 градус иаҟарахоит
Рашәара 24 инаркны ԥхынгәы 1-нӡа Қырҭтәыла аҳауа аԥхарра 38 градус иаҟарахоит

Аԥсабара амилаҭтә агентра аинформациа ала, рашәара 21-23 рзы мрагыларатәи Қырҭтәылеи мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ашьхареи рҿы ишоурахоит. Мрагыларатәи Қырҭтәыла аҳауа аԥхарра 33-38 градус, ашьхараҿ – 31-36 градус иаҟарахоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, рашәара 24 инаркны ԥхынгәы 1-нӡа Қырҭтәыла аҳауа аԥхарра 38 градус иаҟарахоит.

Ашоура иахҟаны абнақәа абылра иалагар ҟалоит.