Рашәара  2-4 рзы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит Украина Аҧыза- министр
Рашәара  2-4 рзы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит Украина Аҧыза- министр

Рашәара  2-4 рзы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит Украина Аҧыза- министр Денис Шмыгаль.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адырра ала, аҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧысуеит рашәара 3 рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы. Украина аиҳабыра рнапхгаҩы дидикылоит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министрцәа ишиашо реиҧылара ашьҭахь, аиҿцәажәарақәа нагӡахоит ирҭбаау аформат аҿы.  Иракли Ҕарибашвилии Денис Шмыгали амедиазы  аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Қырҭтәыла иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина Аҧыза-министр Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәии дырҧылоит.

Денис Шмыгали аделегациа алахәылацәеи Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭаҵаны, ҳаҭырла иргәаладыршәоит.