Раҧхьатәи ақырҭуа анимациатә сериал "Аиқәырхаҩцәа" акьыҧхьтә медиаҿгьы иҭыҵуеит
Раҧхьатәи ақырҭуа анимациатә сериал "Аиқәырхаҩцәа" акьыҧхьтә медиаҿгьы иҭыҵуеит

Раҧхьатәи ақырҭуа анимациатә сериал “Аиқәырхаҩцәа” акьыҧхьтә медиаҿгьы иҭыҵуеит.

Ауаажәларратә дырраҭареи  аҭыжьымҭа  «Зебра»-и аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьеит.

Аҭыжьымҭа анапхгаҩы Мака Касраӡе ишылҳәаз ала, раҧхьатәи аетап азы иҭрыжьуеит 2 альбомки активрақәа рышәҟәи. Активрақәа рышәҟәы агәырҿыхара-арккаратә ҟазшьа амазаауеит, уаҟа ахәыҷқәа аиқәырхаҩцәа рыдҵақәа нарыгӡоит.

«Аиқәырхаҩцәа» аекран аҿы иҭыҵаанӡагьы азҿлымҳара ду аман. Раҧхьатәи  3D ақырҭуа анимациатә сериал иазкны аинформациа анҵәырҵ,  еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа ари апроект интересс ишьҭырхыит.  Қырҭтәыла Актәи аканал алнахит аҭыжьымҭа «Зебра».  Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор ишылҳәаз ала, адырраҭаразы аҵакы ду амоуп адәныҟатәи аиндустиақәа рырҿиара, убри аҟынтә, аусеицуразы алырхит 12 шықәса рыҩнуҵҟа ахәыҷтәы шәҟәқәа ҭзыжьуа аҭыжьымҭа, уи еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟны,  Universal-гьы нрылаҵаны, аусеиура иаҿуп. .

Амультсериал  «Аиқәырхаҩцәа» зеиҧшҟамлац проектуп, Актәи аканал аҿаҵарала апроект аус аднаулоит  астудиа  «West Animation».