Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҧыза-министрцәа европарламент ахада иҧылеит
Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҧыза-министрцәа европарламент ахада иҧылеит

Ассоциациатә трио аҧыза-министрцәа, Бриуссель рвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Европарламент ахада Девид-Мариа Сассоли иҧылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан европарламент ароль Ассоциациатә трио аформат аҧҵараҿы, Қырҭтәыла аҧыза-министр Европарламент ахада уи азыҳәан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Европарламент ахада ишаиәҳаз ала, европарламент Ассоциациатә трио иалоу атәылақәа  евроинтеграциа апроцесси, адемократиатәи аекономикатәи реформақәа рымҩаҧгареи аҿы рыдгылара нанагӡоит, уи  ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи зхы иақәиҭу ахәаахәҭра наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи риплементациазы аҵакы ду амоуп.

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра рызун атәылақәа ирзеиҧшу аҽазышәарақәеи, аҳасабтәқәеи, аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи, агибридтә әшарҭарақәеи.

Аганқәа рхаҭарнакцәа,  апартниор тәылақәа евроинтеграциа амҩаҿы алшара ҿыцқәа рзеиқәыршәаразы Мрагыларатә партниорра анеҩстәи асаммит адекларациаҿы Ассоциациатә трио иалахәы атәылақәа рзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа раарҧшра аҵакы  иалацәажәеит.

Хшыҩзышьҭра азун Евроеидгылаҟны х-ҳәынҭқаррак рполитикатәи, рекономикатәи, русхктәи интеграциа аганахьала иҟоу алшара ҿыцқәеи, иара убас, аимадара, атранспорт, аенергетика, арыцхәтә технологиақәа, ахәаахәҭра, аклимат аҽаҧсахра, арегионалтә шәарҭадара, агибридтә шәарҭарақәа уҳәа, еиуеиҧшым аусхкқәеи ахырхарҭақәеи  рҿы усеицура арҭбаара азҵаара.

Ахада Девид-Мариа Сассоли иҟны аиҧылара ашьҭахь, Иракли Ҕарибашвилии, Денис Шмигали,  Наталиа Гаврилицеи Европарламент аҳаҭыртә асасцәа рышәҟәы аҟны агәаларшәаратә нҵамҭақәа ҟарҵеит.