Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Жозеф Борелии Оливер Варҳеии рахь ааԥхьара еицыҟарҵеит
Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Жозеф Борелии Оливер Варҳеии рахь ааԥхьара еицыҟарҵеит

Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Адәныҟатәии ашәарҭадаратәи аполитиеи рызҵаарақәа рзы евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Борелии Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеии Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыдәнаҟатәи усқәа рминистрцәа рахь Мрагыларатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны ассоциира иалоу апартниорцәа рҟны аусеицура арҭбаара азы ааԥхьара еицыҟарҵеит. Ари атәы Актәи аканал ахь аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, фтәылак рминистрцәа рахь ирышьҭыз ашҟәы мрагыларатәи партниорра иазкуп.

Ааԥхьраҿ ишану ала, Қырҭтәылеи Молдовеи, Украинеи асоциира иазку еиқәшаҳаҭра иабзоураны аҭакԥхықәра ду ргахьеит Евроеидгылаҟны аполитикатә ассоцииреи аекономикатә аинтеграциеи рпроцесс адгылара иазкны.

Аминистрцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭҿ ишану ала, ааԥхьара хықәкыс амоуп иҿыцу, астратегиатә, аҿҳәарарацәатәи аполитика аԥҵара, мрагыларатә партниорра арӷәӷәара адгылара, арегион аҟны Евроеидгыла атрансформациатә роль арӷәӷәара