Қырҭтәылеи Македониеи авизада атәылауаа рныҟәара иазку адокумент рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи Македониеи авизада атәылауаа рныҟәара иазку адокумент рыбжьарҵеит

Қырҭтәыла хада Саломе Зурабишвили  Аҩадатәи Македониа лофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәылеи Аҩадатәи Македониеи рхадацәа  «Авиза аиура аҧхықәра аҟынтә ахақәиҭтәра» иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Қырҭтәыла ахада лпрессмаҵзура адыррақәа рыла, авизадатә режим иазку адокумент инақәыршәаны, аҩ-тәылак ртәылауаа зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа ирҭаар рылшоит абиометриатә тәылауаҩшәҟәы ала.