Қырҭтәылеи Естониеи рпрезидентцәа Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи аинтеграциа апроцесс иахцәажәеит
Қырҭтәылеи Естониеи рпрезидентцәа Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи аинтеграциа апроцесс иахцәажәеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Естониа ахада Керсти Калиулаид ҭелла длацәажәеит.

Ахада лпрессмаҵзура аинформациа ала, авидеформат аҿы имҩаԥгаз аиҿцәажәараан аганқәа «ковид» иахҟьаны атәылақәа рҿы имҩаԥысуа авакцинациа апрограмма азҵаара иахцәажәеит. Иара убас аганқәа иазгәарҭеит аекономика аиҭашьақәыгылара аус аҿы атуризм аҵак ҷыда шамоу.

«Қырҭтәыла ахада Естониа ахада Баҭым имҩаԥысран иҟоу аконференциахь даалыԥхьеит. Баҭымтәи жәларбжьаратәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Евроеидгыла ассоциациа змоу хпартниорк рсаммит аиҿкаара иазыԥхьагәаҭоуп,» – иануп Ахада лпрессмаҵзура аинформациа аҿы.

Қырҭтәыла ахада иаҵшьны иазгәалҭеит Мрагыларатәи партниорра арҭбаара аҵак ду шамоу, 2021 шықәсазы асамит мҩаԥгахоит ҳәа дшақәгәыӷуа.

«Қырҭтәыла ахада Нато аҟны акибершәарҭадареи, Амшын Еиқәа ашәарҭалареи Афганистан азҵаарақәа рҿы аусеицра аҵаки дрыхцәажәеит.

Аганқәа Афганистан иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәаланы агәаанагарақәа еиҭнырыԥсахит,» – иануп Ахада лпрессмаҵзура аинформациа аҿы.