Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рыбжьара еиҧырҟьам авиареисқәа иалагоит рашәара 3 инаркны
Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рыбжьара еиҧырҟьам авиареисқәа иалагоит рашәара 3 инаркны

Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рыбжьара еиҧырҟьам авиареисқәа иалагоит рашәара 3 инаркны. Аҳаиртә цәаҳәа Афины – Қарҭ – Афины аҿы авиареисқәа мҩаҧнагоит абырзентә авиаеилахәыра  Aegean Airlines.

Абри аинформациа аланарҵәеит  «Атәылауаҩратә авиациа агентра».

Еиҧырҟьам ареисқәа мҩаҧысуеит абри аихшанҵала: рашәара 3 инаркны жьҭаара  29-нӡа ареисқәа мҩаҧгахоит ахәашазы, ҧхынгәы  4 инаркны асезон анҵәамҭанӡа  (жьҭаара 29 )  ахәашеи амҽышеи рзы. Ҧхынгәы 21 инаркны асезон анҵәамҭанӡа –  ахашеи, ахәашеи, амҽышеи рзы.

Авиаеилахәыра  Aegean Airlines  Қырҭтәыла авиациатә џьармыкьаҿы аус ауеит  2012 шықәса инаркны.