Қырҭтәылаҿ иахьа Нанҳәа аныҳәа ду иазгәарҭоит
Қырҭтәылаҿ иахьа Нанҳәа аныҳәа ду иазгәарҭоит

Аиашахаҵаратә дунеи иахьа Ицқьаӡоу Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыҧсара  – Нанҳәа аныҳәа ду Нанҳәа аныҳәа ду иазгәанаҭоит. Нанҳәа аныҳәанӡа ақьырсианцәа ҩымчыбжь рыҩныҵҟа ичгоит. Ачгара нанҳәа 14 рзы иалаган, иахьа инҵәеит.

Ицқьаӡоу Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыҧсара аныҳәа азгәаҭара зызку Анцәа Иан
Мариа лыҧсҭазаара лалҵреи Лара цәеижьла жәҩан ахь лхалареи роуп. Анцәадзыхшаз лыҧсҭазаара лалҵреи анышә ламадареи рзы адырраҭара иашаны ишьақәыргылаӡам. Атекстқәа реиҳарак рыҟны иаагоуп абас иҟоу асиужет: Иаса Қьырса жәҩан ахь ихалара анаҩс Аҭыҧҳа Мариа Иерусалим дыҟан, ацқьа цҳаражәҳәаҩ Иоан дагьылхылаҧшуан, Лҧеи Лареи реиҧылара дазыҧшны дныҳәон. Аҭыҧҳа Мариа лыҧсҭазаара лалҵра хымыш шыбжьаз, аҧаимбар Гавриил дылҭаан, лассы лыҧхазмоу алацәеиқәыҧсарахь дшиасуа атәы леиҳәеит. Лара ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы даарыҧхьеит, лцара атәы ралҳәарц азы. Анцәадзыхшаз лҳәатәала лцәеижь Иерусалим азааигәара, Гефсиманиа, лани
лаби, Иосиф Лызҳәа рнышәынҭрақәа рыбжьара анышә иамадан. Хымыш рышьҭахь анышәынҭраҟны дааит Лара ацҳаражәҳәаҩ Фома иара лыҧсҭазаара даналҵ аҽны дыҟамызт азы, аха Ацқьа Мариа лцәеижь аҭыҧан адамраҟны ашәҭқәа ҭаҧсаны ибеит. Анцәадзыхшаз лыхьӡала иҟоу аныҳәақәа зегь раан еиҧш, ари амш аҽны ақьырсианцәа зегьы аныхақәа рыҟны имҩаҧысуа анцәаиҳәара рҽаладырхәыроуп.

Қырҭтәыла  аиашахаҵарантә ныхабаакәа зегьы рҟны, Сиони акафедралтә ныхабаа уахь налаҵаны, нанҳәа 28 рзы Ицқьаӡоу Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыҧсара аныҳәа ду ахьӡала анцәаимаҵзурақәа мҩаҧсуеит.