Қырҭтәыла «Синовак» ала авакцинациа иаауа амчыбжь азы алагоит
Қырҭтәыла «Синовак» ала авакцинациа иаауа амчыбжь азы алагоит

Қырҭтәыла «Синовак» ала авакцинациа иаауа амчыбжь азы алагоит. Ари атәы аалыцҳаит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниа Агәабзиарахьчара аминистраҿ имҩаԥысыз авакцинациа ахеилак еилатәара ашьҭахь.

Габуниа лажәақәа рыла, арыцхә иазкы адырра аланарҵәоит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр.

Иара убас, Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ ишаалыцҳаз ала, «Синовак» алаҵа рзыҟарҵоит 18 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа.

««Синовак» ала авакцинациа иаауа амчыбжь азы алагоит. Арыцхә иазкы адырра аланарҵәоит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр. «Синовак» Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи еиҿкаара авторзациа азыԥшуп. Аекспертцәа абжьаратәи аҳасабырба цәырыргахьеит. Алаҵа авторизациа хара имгакәа арҭоит ҳәа ҳгәы иаанагоит. «Синовак» алаҵа рзыҟарҵоит 18 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа,» – илҳәеит Ҭамар Габуниа.