Қырҭтәыла Латвиатәи аиҳабырантә ҳамҭас иаиуит 83070 доза алаҵа "Фаизер"
Қырҭтәыла Латвиатәи аиҳабырантә ҳамҭас иаиуит 83070 доза алаҵа "Фаизер"

Қырҭтәыла Латвиатәи аиҳабырантә ҳамҭас аиуит 83070 доза алаҵа “Фаизер”.

“Фаизер”алаҵа Агәабзиаразы адунеизегьтәи еиҿкаара авторизациа аиуит. Авакцинациазы иаҭаху адозақәа 21-28 мшы рыбжьазароуп. Алаҵа “Фаизер” иаԥҵан германтәылатә апартниор еиҿкаара “Бионтек” аҿы.

Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистра аинформациа ала, 12 шықәса инаркны  15 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа, ачымазара лаҽқәа рымазар, “Фаизер” ала авакцинациа иахысыр рылшоит. Ахәыҷқәа ирыдҳәаланы иазгәаҳҭар ҳҭахуп,  12 шықәса инаркны  15 шықәсанӡа зхыҵуа, ачымазара лаҽқәа змоу  ахәыҷқәа мацара роуп авакцинациазы абжьагара ззыҟаҳҵо. Европатәи атәылақәа рҿы  абри ақәра иаҵанакәа ахәыҷқәа зегьы алаҵақәа рзыҟарҵоит, аха, ҳара, макьана ачымазара лаҿқәа змоу ахәыҷқәа аҧыжәара раҳҭоит, – аарыцҳаит аминистра аҟынтә.