Қырҭтәыла Индиантә авакцина иазыҧшуп
Қырҭтәыла Индиантә авакцина иазыҧшуп

Адунеи аџьармыкьаҿы авакцина рызхом.  Рыцҳарас иҟалаз, аҭахрақәа рынагӡаразы авакцина аҭыжьра арҭбаара рылымшеит, —  иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы Қырҭтәыла ҩ-еилахәырак рҟынтә авакцина иазыҧшуп.

«Адунеи аџьармыкьаҿы авакцина рызхом. Израиль мацароуп шаҟа аҭаху авакцина змоу. Британиа Ду  —  30 наӡына, Америка  — 22  наӡына, Евроеидгыла  —  7 наӡынак.  Рыцҳарас иҟалаз, аҭахрақәа рынагӡаразы авакцина аҭыжьра арҭбаара рылымшеит. Убри аҟынтә ,  адунеи зехьынџьара авакцина адефицит иҟоуп.  «Ковакс»  авакцинақәа рыла еиқәнаршәоит зегьы раҧхьа адонорцәа рҟынтә ацхыраара зауа атәылақәа.  Зхала авакцинақәа рыхә зшәо,  ҳара иҳаиҧшу атәылақәа иреиҧшымкәа,  дара ахә ҷыдала авакцинақәа роуеит.  «Ковакс» авакцинақәа рыла ҳаиқәыршәара аналшо макьана идырым ,  уи ҳазыҧшуп ,  аамҭакала , излауа ала ирласны авакцина аиуразы,  егьырҭ ааглыхҩцәа рҿгьы аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит», — иҳәеит Имнаӡе.

Иара иажәақәа рыла,  уажәазы зегьы реиҳа иреалу шансуп Индиантә авакцина аиура.