Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахҭарнакра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ника Мелиа дҭыҵырц азы 40 000 лари ашас ԥара ршәахьеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахҭарнакра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ника Мелиа дҭыҵырц азы 40 000 лари ашас ԥара ршәахьеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахҭарнакра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ника Мелиа дҭыҵырц азы 40 000 лари ашас ԥара ршәахьеит. Аинформациа Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәара авебдаҟьа ианылеит.

“2021 шықәса мшаԥы 19 рзы Евроеидгыла амедиациа иабзоураны аганқәа ирыбжьарҵаз еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, иахьа Ника Мелиа дҭыҵырц азы 40 000 лари ашас ԥара ҳшәеит. Ари апроцесс адгыларазы зхы иақәиҭу ҩеиҿкаарак – Адемократиазы Европатәи афонди (European Endowment for Democracy) Иқәыԥшу аиуристҵәа реиҿкаареи иҭабуп ҳәа рахҳәарц ҳҭахуп.

Қырҭтәыла аполитикатә кризис аҟынтә аҭыҵразы ари даҽа ԥхьаҟа иҟаҵоу шьаҿоуп. Ҳгәы иаанагоит ари ашьаҿа апарламент ахь иалху ахаҿқәа зегьы Қырҭтәылеи атәылауааи, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәеи, Қырҭтәыла евроатлантикатәи аԥеиԥши рахь алагала ҟарҵоит ҳәа,” – иануп аҳәамҭа аҿы.