Қырҭтәыла иаҭааит Нато арратә комитет
Қырҭтәыла иаҭааит Нато арратә комитет

Қырҭтәыла иаҭааит Нато арратә комитет.

Нато иалоу атәылақәа рырратә хаҭарнакцәа рвизит акомитет ахантәаҩы, адмирал Роб Бауер дахагылоит.

Аҩадаатлантикатә алианс иреиҳаӡоу арратә орган аделегациа алахәылацәа Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Қырҭтәыла атәылахьчара мчра анапхгаҩцәеи пату зқәу аҟарули ирԥылеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Нато арратә комитети Қырҭтәылеи рпленартә еилатәара мҩаԥгахоит. Нато арратә комитет алахәылацәа арегион аҟны иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи атәыла аҿаԥхьа иҟоу ааԥхьарақәеи ирызку адеталтә дыррақәа роуеит. Аилатәараҿ иазааҭгылоит атәылахьчаратә мчра атранфсормациа апроцесси, Нтои Қырҭтәылеи ирыбжьу арратә аусеицуреи, наҟ-наҟтәи априоритетқәеи, иара убас Амшын Еиқәа ашәарҭадара арӷәӷәара аполитикеи.

Нато арратә комитет ахантәаҩы Қырҭтәыла аԥыза-министри Қырҭтәыла атәылахьчаратә усҳәарҭа анапхгаҩцәеи дырԥылоит.