Қырҭтәыла Ахыхьчаратә мчқәа НАТО аҟынтә  атранспорттә хархәагақәа роуит
Қырҭтәыла Ахыхьчаратә мчқәа НАТО аҟынтә  атранспорттә хархәагақәа роуит

Қырҭтәыла Ахыхьчаратә мчқәа НАТО аҟынтә  атранспорттә хархәагақәа роуит

Азыҟаҵарақәеи ахәшьараҭареи азеиҧш НАТО-Қырҭтәылатәи ацентр НАТО Аахәарақәеи амаҵзуреи азы агентра  (NSPA)  аҟынтә аиуит  Renault амарка иаҵанакәа 5 автомобильк.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, ақырҭуа аган арҭ автомобильқәа роуит ацентр алшарақәеи алогистикатә ҭагылазаашьеи реиҕьтәразы.

2017 шықәсазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра ашьаҭа ала,  НАТО аган Азыҟаҵарақәеи ахәшьараҭареи ацентр иазаархәеит 1,2 миллион евро рыхә атранспорттә хархәагақәа.