Қырҭтәыла ахада анапхгаратә партиеи аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рҿы Кристиан Даниелсон абжьацәажәаҩс иқәыргылара дақәшаҳаҭуп
Қырҭтәыла ахада анапхгаратә партиеи аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рҿы Кристиан Даниелсон абжьацәажәаҩс иқәыргылара дақәшаҳаҭуп

Қырҭтәыла ахада анапхгаратә партиеи аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рҿы Кристиан Даниелсон абжьацәажәаҩс иқәыргылара дақәшаҳаҭуп. Саломе Зурабишвили ари атәы лҩит  Twitter аҿы.

Атәыла ахада лгәаанагарала,  аганқәа хымҧда еиқәшаҳаҭхароуп.

«Анапхгаратә партиеи аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рҿы Кристиан Даниелсон абжьацәажәаҩс иқәыргылара сақәшаҳаҭуп. Ари афактгьы даҽазнык аанарҧшуеит Европа   Қырҭтәыла адемократиатә аҿиареи аҭышәынтәалареи аиқәыршәаразы аусура шынарыгӡо. Сара даҽазнык аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит раҧхьа иргыланы атәыла иазхәыцырц», —  илҩит Саломе Зурабишвили.

Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель Қырҭтәылаҟа иааишьҭуа ихатә хаҭарнак атәыла аҩнуҵҟа имҩаҧысуа адиалог ихы алаирхәоит. Ари атәы иануп Евроеидгыла Ахеилак апрессрелиз аҿы.

Кристиан Даниелсон  Европатәи Ахеилак Шарль Мишель ихатә хаҭарнак имандат иҭара дазыразуп  Иреиҳаӡоу акомиссар Жозеп Боррельгьы.