Қырҭтәыла авакцинациа аласра маҷхеит
Қырҭтәыла авакцинациа аласра маҷхеит

 

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Қырҭтәыла авакцинациа аласра маҷхеит.

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы авакцинациа аласра маҷхеит. Иацы мҽышын, ауаа реиҳара авакцинациазы аамҭа рыман, аха, алаҵа ҟарымҵеит.  Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла  7 000ҩык мацара алаҵақәа ҟарҵеит, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит, авакцинациа апрограмма арлахҿыхра аҭахуп, аинформациатә кампаниа иаҳа ирҭбаатәуп», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.