Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи  аусқәа рминистрра  - Намохвантәи ГЕС аргылара иаҿагылаз акциаҿы аполициа аусзуҩцәа адемонстрантцәа абџьари адубинкақәеи рымырхит
Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи  аусқәа рминистрра  - Намохвантәи ГЕС аргылара иаҿагылаз акциаҿы аполициа аусзуҩцәа адемонстрантцәа абџьари адубинкақәеи рымырхит

Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Намохвантәи ГЕС аргылара иаҿагылаз акциаҿы аполициа аусзуҩцәа адемонстрантцәа абџьари адубинкақәеи рымырхит.

«Ҵҟалтуботәи амуниципалитет Джонеҭи ақыҭа иазааигәаны Намохвантәи ГЕС аргылара иақәшаҳаҭым ауааҧсыра акциа мҩаҧыргоит. Ашәарҭадара ахьчара амзызла аҭыҧашҟа инагоуп аполициа аусзуҩцәа.

Акциа аан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа 2 машьынак ааныркылеит. Машьынак аҿы аадырҧшит  амцабџьар  Winchester-и аснаипертә винтовкеи, егьи амашьынаҿы ирбеит абеисболтә битеи адубинкеи.

Аполициа аусзуҩцәа абарҭ амаҭәарқәа зтәыз ауаа амаҭәарқәа рымхны,  акциа аамышьҭахь ишәзырхынҳәуеит ҳәа рарҳәеит», — иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминситрра аҳәамҭаҿы.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра акциа алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит азинхьчаҩцәа  рыҳәарақәа нарыгӡарц.