Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра агежьҧрыгала Ҭушеҭинтә аевакуациа рызун   40ҩык раҟара ауааҧсыра

Қырҭтәыла ашьхаҳаракыратә регион Ҭушеҭинтә аевакуациа рызун 40ҩык раҟара ауааҧсыра. Аҭыҧантәиа уааҧсыреи атуристцәеи Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра агежьҧрылага Ҭелави ақалақьахь инаргеит.

Ҧшавели-Абано-Омало  амҩа аҧхасҭахара амшала, ашьхаҳаракыратә аҳабла еимадарада иаанхеит, аҭыҧантәи ауааҧсыреи атуристцәеи ашьрахаҿ иаанхеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ари аоперациа нанагӡоит, иаанхаз ауааҧсырагьы егьырҭ агежьҧшыгарақәа рыла ашьхара иалыргоит. Кахеҭи агубернатор ишиҳәаз ала, аҧыррақәа мҩаҧыргоит амш зеиҧшрахо инақәыршәаны.

Иацы иҟалаз адгьылҳәазара амшала,  Ҧшавели-Абано-Омало амҩа цыҧҵәахак аҧхасҭа аиуит, убри аҟынтә, Ҭушеҭи ахырхарҭала автотранспорт ала аиҭаҵра ҟалом.