Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа ршьаҭаркра 28 шықәсатәи аиубилеи иазгәарҭоит
Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа ршьаҭаркра 28 шықәсатәи аиубилеи иазгәарҭоит

Мшаҧы 30 Қырҭтәыла ар рымшуп, Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа ршьаҭаркра 28 шықәсатәи аиубилеи иазгәарҭоит.

Қырҭәтыла Атәылахьчара аминистрра апрессмаҵзура аинформациа ала, ақырҭуа ар рымш азгәаҭара Қырҭәтыла Атәылахьчара министрра анапхгараҭара ацентр аҟынтә иалагоит. Атәылахьчара министр Леван Изориа жәларбжьаратәи амиссиақәа рҿы иҟоу ақырҭуа аруаа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалоит.

Иара убас арратә маҵзуҩцәа рынхарҭа ҭагылазаашьа аиҕьтәразы апроект ҿыц апрезентациа мҩаҧгахоит.  Апрезентациа рхы аладырхәоит Қырҭәтыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡеи Атәылахьчара аминистр Леван Изориеи.