Қырҭтәыла Атәылахьчара министраҿ Ллоид Остин иԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥган
Қырҭтәыла Атәылахьчара министраҿ Ллоид Остин иԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥган

Қырҭтәыла Атәылахьчара министраҿ ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин иԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥган. Аԥылара аофициалтә церемониа ашьҭахь Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншуер Бурҷулаӡеи ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остини ҩганкалатәи еиԥылара мҩаԥыргоит.

Аиԥылара ашьҭахь еицымҩаԥырго аконференциа аҿы аганқәа аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит. Иара убас иазааҭгылоит Нато ахь Қырҭтәыла алалара апроцесс ЕАШ адгылара азҵаара.

Иара убас иахьа  Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистреи ЕАШ атәылахьчара аедпартаменти  еиқәшаҳаҭра (GDRP) рыбжьарҵоит. Аиқәшаҳаҭра хықәкыс амоуп Қырҭтәыла атәылахьчара алшара арӷәӷәара.

ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин Қырҭтәылеи, Украинеи, Румыниеи дырҭаауеит, уи ашьҭахь Бриуссель имҩаԥысуа аминистериал ихы аиалрхәеит.