Қырҭтәыла арадио аиубилеи иазгәанаҭоит
Қырҭтәыла арадио аиубилеи иазгәанаҭоит

 

Қырҭтәыла арадио  94 шықәса ахыҵит.  Лаҵара 23 Қырҭтәыла арадио амшироуп.

Қырҭтәыла арадио аусура иалагеит  1925 шықәсазы.  Уи Қырҭтәыла мацара акәымкәа, Аахыҵ Кавказ иахьаҵанакуа раҧхьатәи  аелектронтә медиахархәагоуп.

Арадио еснагь ауаажәлар ринтересқәа рыхьчара иазкын, избанзар ажәлар рҧарала акәын аус ишауаз.

Қырҭтәыла арадио ахатә ҭоурыхтә ахьӡ азыхынҳәит  – „Қырҭтәыла арадио“.  Сынтәа ихдыркәшо апроект абзоурала, Қырҭтәыла арадио атәыла зехьынџьара аӡырҩра ҟалоит.  Иара убас, адырраҭара ахаҭабзиара еиҕьхоит.