Қырҭтәыла ақалақь дуқәа рҿы ашколқәа рҿы аҵара адистанциатә режимла еиҭалагеит
Қырҭтәыла ақалақь дуқәа рҿы ашколқәа рҿы аҵара адистанциатә режимла еиҭалагеит

Қырҭтәыла ақалақь дуқәа рҿы ашколқәа рҿы аҵара адистанциатә режимла еиҭалагеит.

Аҵара аминистра иашьашәалоу иқәҵара инақәыршәаны, иахьа, ажьырныҳәа 18 рзы аҵара апроцесс адистанциатә режимла еиҭалагеит  Қарҭ, Қәҭешь, Русҭави, Ҭелави, Жәыргьыҭ, Зестаԥони, Гори, Ԥуҭ, Марнеули, Гардабани ақалақьқәа рҿы. Аҷара автономтә ареспублика атерриториаҿ аус зуа ашколқәа рҿгьы аҵара адистанциатә режимла еиҭалагеит.

Аҵара аминистрра аинформациа ала, аҵара апроцесс аклассқәа рҿы иахьалагаз ашколқәа рҿы Аҵара аминистрра аҟынтә асабрадақәеи, атермометрқәеи, адезобариерқәеи адезинфекциатә хархәагақәеи роуит.

Иара убас аефир ахь ихынҳәуеит “Ателешкол” аурокқәагьы. “Ателешкол” аҩбатәи асеместр Қыртәыла Актәи аканал аефир ахь аусура хацнаркуеит ажьырныҳәа 18, асааҭ 09:00 рзы.