Қырҭтәыла аҧыза-министри, апарламент ахантәаҩи, Қарҭ ахадеи Коџьори иҟоу аиункерцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит  

Асоветтә ампыҵахалара амш инамаданы, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи Коџьори иҟоу аиункерцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭаҵаны,  1921 шықәса жәабран азы Қырҭтәыла ахьыҧшымра зхы ақәызҵаз  ауаа зегьы  ҳаҭырла иргәаладыршәеит.  Коџьори дыҟан атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡегьы.

Иракли Ҕариабашвили ишиҳәаз ала, жәабран 25  — Қырҭтәыла аҭоурых аҿы атрагедиатә мшуп.

2010  шықәса ҧхынгәы 21 рзы Қырҭтәыла апарламент иаднакылаз аӡбара инақәыршәаны, жәабран 25 Асоветтә ампыҵахалара мшны ирылаҳәоуп.

Ампыҵахалара иалаӡыз шәнызқьҩыла ауааҧсыра  ргәаларшәаразы, иахьа Қырҭтәыла зехьынџьара аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп.