Қырҭтәыла аҧыза-министр, украинатәи молдоватәи иколлегацәа дрыцны, Еврокомиссиа ахада Урсула дон дер Лаиен дылҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр, украинатәи молдоватәи иколлегацәа дрыцны, Еврокомиссиа ахада Урсула дон дер Лаиен дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, украинатәи молдоватәи иколлегацәа дрыцны,  Еврокомиссиа ахада Урсула  фон дер Лаиен дылҧылеит.

Иракли Ҕарибашвилии, Денис Шмигали, Наталиа Гаврилицеи ишазгәарҭаз ала, Ассоциациатә трио аҧыза-министрцәа,  дара  рвизит ала даҽазнык ишьақәдырҕәҕәар рҭахуп  евроинтеграциа апроцесс иаҳа арҕәҕәареи, уажәазы иҟоу алҵшәақәа аихшьаала рзуреи, Евроеидгылаҟны асектортә интеграциа арҭбааразы анеҩстәи аконкреттә шьаҿақәа рҳәаақәҵареи шырҭаху.

Иаҵшьны иазгәаҭан европатәи интеграциа апроцесс шымҩаҧысуа Евроеидгылаҟны аполициатә ассоциациеи, адемократиа аконсолидациеи,  азакәан аиҳаӡара арҕәҕәареи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи ахадаратә принципқәа рышьаҭала. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан  ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра  атәылақәа зеиҧшҟамлац алшарақәа шырзаанартуа ҳаҧхьаҟа Евроеидгылаҟны аекономикатә интеграциазы.

Хшыҩзышьҭра азун атранспорттәи акоммуникациатәи еимадарақәа рырҕәҕәара ахымҧадарагьы, уи зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭразы аҵакы ҷыда амоуп. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгылаҟны аимадара аиқәыршәаразы Амшын еиқәа иамоу апотенциал ду.

Аиҧылараан излацәажәаз азҵаарақәа иреиуп асектортә интеграциа, уи ала иазҧхьагәаҭоуп еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аполитика Евроеидгыла астандартқәеи анормақәеи рзааигәатәра, ҷыдала, аҧсабара ахьчареи, аклимати, арыцхәтә трансформациеи, атранспорти, аенергетикеи аусхкқәа рҿы. Ассоциациатә трио Еврокомиссиа ахада ажәалагала лзыҟарҵеит Еврокомиссарцәа рылахәызаара ала, асектортә усбарҭақәа рыбжьара аминистрцәа рыҩаӡараҟны арегулиартә аиҧыларақәа реиҿкаара иазкны.

Аиҧылараан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Мрагыларатә партниорра анеҩстәи асаммит адекларациагьы иалацәажәеит,  уи аҟны Ассоциациатә трио азы аҧыжәара змоу азҵаарақәа раарҧшра аҵакы ду амоуп. Аҧыза-министрцәа ишырҳәаз ала, асаммит ашьҭахь, апартниор тәылақәа, Евроеидгыла аџьармыкьа ахархәареи ҳаҧхьаҟа Евроеидгылашҟа аинтеграциеи азы  алшара ҿыцқәа рызцәырҵып ҳәа игәыҕуеит.