Қырҭтәыла аҧыза-министр Шәамахьтәыла аполициа аиҳабы диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Шәамахьтәыла аполициа аиҳабы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аофициалтә визитла Қырҭтәыла иаҭааиз  Шәамахьтәылатәи ареспублика  аполициа аиҳабы, аполициа аинрал-маиор Ваҳе Лазариан диҧылеит.

Аиҧылара алахәылацәа ҩ-тәылак русеицура иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рзинхьчаратә усбарҭақәа қәҿиарала аус еицыруеит, атрансмилаҭтә ацәгьауреи ашәарҭадара аганахьала иҟоу егьырҭ апроблемақәеи раҧыхра  аус аҿы апартниорра рыбжьоуп.

Аиҧылараан иазаҭгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр қәҿиарала имҩаҧигаз амедиациа, уи абзоурала, 15ҩык Шәамахьтәыла атәылауаа рхы иақәиҭуп, азербаиџьантәи аган ирыҭан аминақәа зҵоу аҵакырадгьылқәа ирызку ахсаалақәа. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, ҳаҧхьаҟагаьы аусеицура дазыхиоуп. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, арегион аҿы кыраамҭала аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәзыршәаша адиалог иадгылоит.
Аицәажәара аан иаҵшьны иазгәаҭан ажәларқәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратәи аигәыларатәи еизыҟазаашьақәа рҭоурых дуи апартниорра арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара ихы алаирхәит Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури.