Иракли Ҕарибашвили Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистр  диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистр  диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Едгарс Ринкевичс диҧылеит.
Аҧыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа инақәыршәаны,  аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун азеиҧш принципқәа рышьаҭа ала ишьақәгылаз ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа.
Ишазгәаҭаз ала, Едгарс Ринкевичс ивизит даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит атәылақәа рпартниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Латвиа Қырҭтәыла ишадгыло. Аиҧылара алаахәылацәа Латвиеи Қырҭтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицура иаҵанакәа азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили  Латвиа анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит евроатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла иахьадгыло азыҳәан. Аиҧылараҿы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьа цәгьа  иалацәажәеит.   Ҷыдала иазгәаҭан Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистр   ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну Оӡиси ақыҭашҟа инеир аҵакы, ари авизит аҭыҧаҿы  аҭагылазаашьа агәаҭара иазкуп.

Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык изышьақәирҕәҕәеит  Латвиа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.