Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Баҭымҟа ддәықәлеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Баҭымҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Баҭымҟа ддәықәлеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.

Аҧыза-министр Баҭымҟа ицара Лаҵара 26 амҩаҿы анхарҭатә корпус аилаҳара иадҳәалоуп.

«Иҟалаз ахҭыс иадҳәаланы аҭыҧашҟа инагоуп иашьашәалоу аусбарҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа, Аҩнуҵҟатәиа усқәа рминистрра аҟәшақәа, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа, ахалақь ахадара амаҵзурақәа уҳәа, рызынтәгьы аҭыҧаҿ иҟоуп. Аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧысуеит. Аҳәынҭқарра,  азарал зауз ауааҧсыра зегьы ирыцхраауеит.  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ари афакт азы аусҧшаара иалагахьеит. Сара Баҭымҟа сдәықәлоит, аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа зеиҧшроу збоит», — иҩит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Уажәааны Баҭым, лаҵара 26 амҩаҿы, анхарҭатә корпус еилаҳаит.  Иҟоу аинформациа ала, акорпус иҩназ ауааҧсыра аҧҽыхақәа рыҵаҟа иаанхеит.

Аҧҽыхақәа зықәҳаз амашьынантә ахәыҷы дҭыргеит. Аәхыҷы ахәыштәырҭашҟа днагоуп.

Ҧыҭраамҭак ашьҭахь даҽа әхыҷыкгьы деиқәдырхеит.