Қырҭтәыла аҧыза-министр Иорданиа Арбџьармчқәа иеиду аштаб анапхгаҩы диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иорданиа Арбџьармчқәа иеиду аштаб анапхгаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Иорданиа Арбџьармчқәа иеиду аштаб анапхгаҩы  Иусеф Ахмад аль-Хунаифи диҧылеит.

Аиҧылараҿы ҩ-ганктәи аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәан, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Иорданиаҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара аҵакы ду анаршьоит.  Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, ҳаҧхьаҟа Қырҭтәылеи Иорданиеи рыбжьара еиуеиҧшыма усхкқәа рҿы аимадарақәа рырҭбаара иақәгәыҕуеит.

Аҧыза-министр Иорданиа Арбџьармчқәа  иеиду аштаб анапхгаҩы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит  Иорданиа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иахьадгыло азыҳәан.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан зыҩаӡара ҳараку авизитқәа рҵакы,  аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу авизитқәа атәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иацхраауеит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Иорданиа арратә ҧшыхәара адиректори,  Иорданиа Адизаини аҿиареи рзы абиуро агенералтә директори,  Иорданиа Апланшьҭыхреи аиҿкаареи азы адиректори. Ақырҭуа аган аҟынтә аиҧылара иалахәын Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡеи, Атәылахьчаратә мчқәа рҧыза Гьаргь Матиашвилии, аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвилии.