Қырҭтәыла аҧыза-министр ЕАР Ассамблеиа Хада  76-тәи асессиа адебатқәа раартра ацеремониа ихы алаирхәит
Қырҭтәыла аҧыза-министр ЕАР Ассамблеиа Хада  76-тәи асессиа адебатқәа раартра ацеремониа ихы алаирхәит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа,  Ниу-Иорк,   ЕАР Ассамблеиа Хада  76-тәи асессиа адебатқәа раартра ацеремониа рхы аладырхәит.

Адебатқәа рылахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит ЕАР Амаӡанықәҟаҩ Хадеи,  Ассамблеиа Хада ахадеи,  Америка ахада Џьозеф Баидени, Бразилиа ахадеи,  егьырҭ алидерцәеи.

ЕАР Ассамблеиа Хада  76-тәи асессиа адебатқәа ртема хадоуп   — «Акоронавирус ахкҿыц аҟынтә ауааҧсыра рыбзиахара ақәгәыҕреи,  аекономика аиҭашьақәыргылареи,  апланета аҭахрақәа рықәҿыҭреи,  ауаа рзинқәа ҳаҭыр рықәҵареи,  ЕАР аҵакы аиҭаҿиареи ала  аҭышәынтәалара арҕәҕәара».

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Ассамблеима хада  76-тәи асессиа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит цәыббра 24 рзы.

Зыҩаӡара ҳараку амчыбжь аадыртаанӡа,  ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихьӡала,  асессиа иалахәы аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа рзы имҩаҧган аофициалтә адкылара,  уи аҿы дыҟан Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа иалоуп авице-аҧыза,  адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании,  аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкелии,  аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвилии.