Қырҭтәыла Аҧыза-министр аҧсылман адоуҳатә хаҿқәа Ҟурбан – Баирам аныҳәамш рыдиныҳәалеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр аҧсылман адоуҳатә хаҿқәа Ҟурбан – Баирам аныҳәамш рыдиныҳәалеит

 

Ҳтәыла ахатә ахкырацәарала иҕәҕәоуп,  убри азоуп ҳара еснагь  ҳтәыла ахкырацәара ҳзеиҷаҳауа, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьоуп ишыҟало, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр. Гьаргь Гахариа аҧсылман адоуҳатә хаҿқәа Ҟурбан – Баирам аныҳәамш рыдиныҳәалеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла арелигиақәа зегьы рхаҭарнакцәа, еидгыланы, атәыла еиҷаҳауеит, иаҳа еиҕьу аҧеиҧш азы аус еицыруеит, уи ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит.

„Қырҭтәыла иқәынхо аҧсылманцәа зегьы Қурбан – Баирам аныҳәамш рыдысныҳәалоит. Авирус аларҵәара амшала ари аныҳәа ишахәҭоу еиҧш азгәаҭара ҳалшом, уи даараӡа сгәы иалоуп, аха,  ҳаҧхьаҟа абри аҩыза аҭагылазаашьа уаҳа иҟалом ҳәа сгәыҕуеит. Ҳтәыла ахатә ахкырацәарала иҕәҕәоуп. Убри азоуп ҳара еснагь абри ахкырацәара ҳзеиҷаҳауа, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьоуп ишыҟало.  Ҳтәыла иқәынхо аҧсылманцәа, егьырҭ атәылауаа реиҧшҵәҟьа, ҳашьцәа роуп. Ҳара, ҳаидгыланы, ари атәыла аҿиара ҳаҿуп, ҳтәыла аҧеиҧш азы аус еицаауеит. Зегьы реиҳа ихадоу, абри зегьы қәҿиарала еицыҟаҳҵоит, ҳаҧхьаҟагьы убас инаҳагӡоит. Аҧсылманцәа зегьы даҽазнык абри аныҳәа ду рыдысныҳәалоит, уаанӡа ҳаидгыланы қәҿиарала аус шаауаз еиҧшҵәҟьа, ари авирусгьы ҳаиааиуеит ҳәа сгәыҕуеит. Ақәҿиарақәеи агәабзиареи шәзеиҕьасшьоит. Ҳара-ҳара пату еиқәаҳҵароуп, ҳдинхаҵарақәа пату рықәаҳҵароуп, абас, ҳаидгыланы, иаҳзеиҧшу атәыла ҳаргылароуп“, – иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Қырәтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәыла амуфҭ Адам Шанҭаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла иқәынхо аҧсылманцәа зегьы апатриотизм ду рылоуп, атәыла адемократиатә аҿиареи, иара убас,  иаку иҕәҕәоу аҳәынҭқарра аргылареи аус аҿы алагала ҟарҵар рҭахуп.

„Шәеиҳабыра рхаан абрахь ҳааҧхьара традициас ишьақәгылеит, уи даараӡа ҳаигәырҕьоит, гәызҭаҵагас иаҳзыҟалеит.  Ҳтәыла  арҕәҕәареи аҿиареи азыҳәан иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Ҳтәыла атрадициа дуи, аҭоурых дуи, акультура дуи амоуп. Ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа амилаҭреи адинхаҵареи рыла еиуеиҧшым ауааҧсыра рнапқәа еибаркны, еидгыланы, ҭынч ҳтәылаҿы еицынхон, урҭ рызынтәгьы атәыла арҿиара аус аҿы алагала ҟарҵон. Иахьагьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Ҳтәыла иқәынхо аҧсылманцәа зегьы апатриотизм ду рылоуп, ҳтәыла адемократиатә аҿиареи, иара убас, иаку иҕәҕәоу аҳәынҭқарра аргылареи аус аҿы алагала ҟаҳҵар ҳҭахуп“, – иҳәеит Адам Шанҭаӡе.