Қырҭтәыла апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз акциа аан азинхьчаҩцәеи адемонстрантцәеи аимак рыбжьалеит
Қырҭтәыла апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз акциа аан азинхьчаҩцәеи адемонстрантцәеи аимак рыбжьалеит

Қырҭтәыла апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз акциа аан азинхьчаҩцәеи адемонстрантцәеи аимак рыбжьалеит.

Акциа алахәылацәа акциа ахьымҩаҧысуа аҭыҧашҟа алинолеум инаргар анырҭахыз,  азинхьчаҩцәа ирҧырхагахарц рҽазыркит. Аимак ашьҭахь акциа алахәылацәа уезгьы алинолеум наргеит. Дара ишырҳәаз ала,  алинолеум акциа аҭыҧаҿ идыргылаз ақьалақәа рҿы ишьҭарҵыр рҭахуп,  уаха уаҟа ауаа аангылара рылшарц азыҳәан.

Уажәазы Қырҭтәыла апарламент аҧхьа 14 ақьалақәа гылоуп. Аха, акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, иҵегьы идыргылараны иҟоуп.

Адемонстрантцәа  изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгареи иполитбаандаҩцәоуп ҳәа ирыҧхьаӡо ауааҧсыра рхақәиҭтәреи иаҳәоит.