Қырҭтәыла аоперациа ҷыдақәа рзы амчқәа амилаҭрацәалатә азыҟаҵарақәа  «Троиатәи ашьҭа» рхы рыладырхәоит

Қырҭтәыла аоперациа ҷыдақәа рзы амчқәа  Америка аоперациа ҷыдақәа Европатәи рнапхгара еиҿыркаауа есышықәсатәи амилаҭрацәалатә азыҟаҵарақәа ирылахәхәоит.

Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла,  азыҟаҵарақәа «Троиатәи ашьҭа» 5 ҳәынҭқаррак рҿы имҩаҧысуеит. Аха,  Қырҭтәыла  аоперациа ҷыдақәа рзы амчқәа рыхәҭак Румынтәыла азыҟаҵара иахысуеит,  егьи рыхәҭа – Қырҭтәыла,  америкатә аруаа ирыцны.

Аминистрра адыррақәа рыла, Қырҭтәыла, раҧхьаӡа акәны абарҭ азыҟаҵарақәа ирылахәып.

Лаҵара 3 рзы иалагаз азыҟаҵарақәа  «Троиатәи ашьҭа» хыркәшахоит лаҵара 14 рзы.  5 ҳәынҭқаррак рҿы имҩаҧысуа азыҟаҵарақәа ирылахәып  10 ҳәынҭқаррак рырратә маҵзуҩцәа  (Америка, Қырҭтәыла,  Болгариа,  Германтәыла,  Черногориа,  Аҩадатәи Македониа,  Румынтәыла,  Испаниа,  Украина,  Британиа Ду).