Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭаауеит Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан
Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭаауеит Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан

Цәыббра 8-9 рзы Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭаауеит Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан.

Қырҭтәыла Аиҳабыра радминистрациаҿ аԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥгахоит.

Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура аинформациа ала, Никол Ԥашиниани Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли  Ӷарибашвили. Ишиашоу аԥылара ашьҭахь аиԥылара ирҭбаау аформатла мҩаԥгахоит. Уи ашьҭахь Никол Ԥашиниани Иракли Ӷарибашвилии аих рзы аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.

Қырҭтәыла аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылԥылоит.

Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан Қырҭтәыла атерриториатә акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал ахь днеины, ашәҭқәа шьҭеиҵоит.