Қырҭтәыла анапхгара ахаҭарнакцәа Нанҳәатәи аибашьра иалаӡыз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит  (афото)
Қырҭтәыла анапхгара ахаҭарнакцәа Нанҳәатәи аибашьра иалаӡыз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит  (афото)

Қырҭтәыла анапхгара ахаҭарнакцәа,  Қарҭ иҟоу Мухатгверди аешьаратә нышәынҭраҿы,  Нанҳәатәи аибашьра иалаӡыз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии,  аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии,  апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи,  Қарҭ ахада Каха Калаӡеи,  атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡеи,  аиналареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵарақәа рзы ҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании,  Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ Игорь Долгови Иҭазах афырхцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.