Қырҭтәыла акультура аминистрра имҩаҧнагаз аусура абзоурала,  2003 шықәсазы Урыстәылаҟа ииагаз аекспонатқәа Қырҭтәылаҟа ирхынҳәоуп 
Қырҭтәыла акультура аминистрра имҩаҧнагаз аусура абзоурала,  2003 шықәсазы Урыстәылаҟа ииагаз аекспонатқәа Қырҭтәылаҟа ирхынҳәоуп 

Қырҭтәыла акультуреи, аспорти,  аҿар русқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиани аминистрраҿы абрифинг мҩаҧганы,  ишаалыцҳаз ала,  2003 шықәсазы Урыстәылаҟа ииагаз аекспонатқәа Қырҭтәылаҟа ирхынҳәоуп.

Зыӡбахәы ҳәоу асахьақәа кыршықәса рыҩнуҵҟа Урыстәыла Анаукақәеи аҟазареи ракадемиаҿы ишьҭан.

Ҭеа Ҵулукиани линициативала, аекспонатқәа рыфбагьы иахьа Шьалуа Амиранашвили ихьӡ зху амузеи ашҟа идырхынҳәит.

Қырҭтәылаҟа идырхынҳәит абарҭ асахьақәа: Борис Фогель — «Ҭелави» (1936); Евгени Лансере — «Хевсуреҭи» (1926); Борис Фогель — «Адоуҳатә семинариа» (1934); Григори Гагарин — «Ақырҭуа ҧҳәыс» (1854 г.); Лев Лагорио — «Анастасиа Орбелиани-Гагарина лпатреҭ» (1850 г.), Карл Жуковски — «Иван Андроникашвили ипатреҭ» (1850 г.).