Қырҭтәыла Актәи аканал Давиҭ Соколов иеҵәа аанартуеит
Қырҭтәыла Актәи аканал Давиҭ Соколов иеҵәа аанартуеит

Қырҭтәыла Актәи аканал  еицырдыруа ателеамҩаҧгаҩ Давиҭ Соколов иеҵәа аанартуеит.

Давиҭ Соколов иеҵәа аадыртуеит Мҭаҵминдла апарк аҿы, ателебааш авара.

Ақырҭуа телехәаҧшра ашьаҭакра инаркны акыршықәса рыҩнуҵҟа Давиҭ Соколов аинформациатә программа «Моамбе» амҩаҧгаҩс дыҟан, иара убас, еиуеиҧшым ауаажәларра-политикатә программақәа рҿы аус иуан, арадио аҿгьы адырраҭарақәа мҩаҧигон.

Қырҭтәыла Актәи аканал Мҭаҵминда апарк аҿы даӡәымкәа еицырдыруа ажурналистцәеи ателеамҩаҧгаҩцәеи рыеҵәақәа аанартхьеит, урҭ роуп Алеқсандр Маҷавариани, Лиа Миқаӡе, Джулиетта Вашакмаӡе, Жанетта Арчваӡе, Нугзар Джугели, Ҭенгиз Наҭаӡе.