Қырҭтәыла Актәи аканал ахыбра ҿыц ауасхыр асимволтә капсула аҵарҵеит
Қырҭтәыла Актәи аканал ахыбра ҿыц ауасхыр асимволтә капсула аҵарҵеит

Қырҭтәыла Актәи аканал ахыбра ҿыц ауасхыр асимволтә капсула аҵарҵеит.

Актәи аканал агенералтә директор Ҭинатин Берӡенишвили ишылҳәаз ала, иахьа Ауаажәларра дырраҭара  64 шықәса ахыҵит, абри амши ахыбра ҿыц ауасхыр акапсула аҵаҵара амши еиқәшәеит.

«Иахьа Ауаажәларратә дыррҭара  64 шықәса ахыҵит, ҳара абри ахҭыс иазгәаҭаны, ахыбра ҿыц ауасхыр асимволтә капсула аҵаҳҵарц ҳаӡбеит. Адырраҭара аусзуҩцәа зегьы иахьа ргәалаҟазаара бзиоуп, избанзар 55 шықәса рыҩнуҵҟа иҳаҳауеит ахыбра ҿыц ашҟа шәиасуеит ҳәа», —  илҳәеит Ҭинати Берӡенишвили.