Қырҭтәыла Актәи аканал атележурналистцәа иҵаҵгәыркымкәа  ахьымӡҕ рыргара афакт иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Актәи аканал атележурналистцәа иҵаҵгәыркымкәа  ахьымӡҕ рыргара афакт иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Уажәааны асоциалтә аҳақәеи, анеҩсгьы АИХи  (ателееилахәыра  «Мҭавари архи») рҿы аларҵәара аман аинформациа Ауаажәларратә дырраҭара асоциалтә аҳа ахархәара аҧҟара ҿыцқәа шьақәыргыланы, аусзуҩцәа рзы ацензура шьақәдыргылар рҭахушәа.

Қырҭтәыла Актәи аканал аусзуҩцәа рыла асоциалтә аҳақәа рхархәара аҧҟарақәа  — 2018 шықәсазы ирыдыркылаз документуп, уи аргама ицәыргоуп Ауаажәларратә дырраҭара асаит аҿы.

Асоциалтә аҳақәа рхархәара аҧҟарақәа рыдыркылеит Европатәи адырраҭаратә аилак иалахәы ауаажәларратә дырраҭарақәа реиҳара.  Арҭ аҧҟарақәа еиқәыршәоуп астандарттә регулиациақәа рышьаҭа ала, уи аусзуҩцәа рзы анапхгагатә документуп, Қырҭтәыла азакәан иашьашәалоуп.

Зыӡбахәы ҳәоу афакт изакәызаалак шьаҭак аҵам, Ауаажәларратә дырраҭара ажәылареи аҳаҭыр ларҟәреи ауп изызку, убри амшала ҳжурналистцәа ишакәым ала ирыхцәажәо иалагеит.

Ауаажәларратә дырраҭара жәларбжьаратәи апартниорцәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит абарҭ апроцессқәа ирыцклаҧшырц, еиуеиҧшым аполитикатә гәыҧқәа иаладырҵәо адезинформациа ауаажәларратә АИХи европатәи амодели русура иаҧырхагамхарцаз, избанзар ауаажәларратә дыррҭара ажурналистцәа рхьыҧшымра ихьчоуп Қырҭтәыла Аконституциа ала.

Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналистцәа шьаҭада ирзықәдыргыло ахара ақәҿыҭрада иаанхом. Ауаажәларратә дырраҭаара ахатә усзуҩцәа рыхьчара нанагӡоит, ажурналистцәа иарбанзаалак аполитикатә гәыҧ ринтересқәа иахьрықәнымҟәо азы  раҳаҭыр аларҟәра ҟалом.